Ефрем Ҳагба 2019 шықәса инаркны аус иуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет акриминалистикатә лабораториа аиҳабыс, ашьаустә зин акафедра арҵаҩыс.
2021 ш. раахыс Ростовтәи аҳәынҭқарратә аекономикатә университет азиндырратә факультет аспирантураҿы аҵара иҵоит.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит абыжьбатәи акласс аҟны дантәаз инаркны. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбахьеит ажурналқәа "Амцабзи" "Алашареи" рҟны.
Ажәагь ҟамахар ауазаап,
Убз ԥхамшьакәа иҳәацәар,
Заԥсшәа "иацәдухаз" шьоук ҟалазаап,
Ҳазхәымгада абас аҿар?!.
Шәааи ҳаилалан аԥсшәа шьҭаҳкаап,
Ихьшәахар ҟалоит уаҵәы,
Шәааи, нас, ҳҽеибыҭа ҳаидгылап,
Ишаҳбо иаҳмырӡырцаз ҳ-Аԥсны!
Алмас Шьалашьаа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Ҷлоу ашкол данҭаз инаркны. Урҭ акьыԥхь рбахьеит: ажурналқәа "Амцабз", "Алашара" рдаҟьақәа рҟны, иара убас ианылахьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет иҭнажьуа алитература-сахьаркыратә журнал "Аԥсенгьери".
Снеилоит, снеилоит,
Бааигәа снеилоит…
Баргьы сышҟа,
Бцәырҵ, бааскьа.
Аӡәгьы ҳахьимбо,
Ҳлеиҩеилоит,
Бгәы нарҭынчны
Бшәаҳәала!
Сара сыбзаԥхьап,
Сажәеинраала,
Бааԥхашьазшәа,
Блахап бхы,
Ибсыркызгьы
Ашәҭ бнапала,
Инкабыжьып
Иԥыҵәҵәаны…
Наҟ санхьаԥшлак,
Быбла хаала,
Ашәҭ иахабҵап,
Ҿыц апсы.
Сажәеинраала
Ҭынч иаасымхны,
Сџьыба инҭабҵап,
Еиларҽны!..
Абри ашәҟәы иагәылоуп ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәагьы. Урҭ дравторуп аҵарауаҩ, алитератор қәыԥш Альбина Анқәабԥҳа.
Альбина Анқәабԥҳа ААУ аҟны лҵара анхлыркәша дҭалоит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аспирантура, аусура дагьалагоит адиалектикатә лабораториаҟны лаборантс, иахьа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс дыҟоуп, иара убас 2012 ш. аахыс ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩуп.
2016 ш. инаркны ААУ афилологиатә факультет аԥсуа бызшәа акафедра №1 аҟны рҵаҩыс аус луеит.
2018 ш. иаԥҵаз аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Агәыҳалалратә фонд 2020–2021 шш. рзы аԥсуа бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы иҭнажьыз арҵага шәҟәқәа (ахәыҷқәа ражәаҳәа арҭбааразы) "Аԥсшәа бзиа избоит сара", х-ҩаӡаракны, аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп.
2021 ш. иҭыҵыз Омар Беигәаа иҩымҭақәа (хә-томкны) ԥшьы-шәҟәык рҭыжьразы аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩуп.
Лажәеинраалақәа акьыԥхь рбахьеит аҿар рҩымҭақәа еидызкыло аизга "Ашацкыра", ажурналқәа: "Алашара", "Аԥсынгьери", "Амцабз" рдаҟьақәа рҟны.
Ҵисуп ҵиҵу уа иҟазҵо,
Ҵисуп ашәеилаҵа зфо.
Ҵыма днадҵны дцар уажәы,
Ҵис иадыруан ашә шфатәыз.
* * *
Дамшә иахылҵит ласбақәак,
Хьӡык-хьӡык раҳҭеит уа ҳаицлаб:
Мура, Муха, Рекс, Мухтар!
Уа шәрызхәыци урҭ рызҳар,
Ҳаҩнра ҳашҭа дара ирзынхар,
Атәым дҭарыжьлом ҳара ҳгәар!
* * *
Кәыбрык, пыввы-ҷыввы!
Даҽакгьы пыввы-ҷыввы!
Абжьы цәгьа рхылҵуеит, ицҳауеит,
Ушьа улцәцәааны иржәуеит!
* * *
Ахаҳә дуқәа ирыбжьысны,
Ахра дуқәа ирыгәҭылсны,
Иннакылом уи акы –
Ԥхьаҟа илеиуеит сӡыхь ццакны!
"Ашацкыра" апроза аҟәшаҿы зажәабжь ану апрозаик қәыԥш Шьазина Бганԥҳа даара ҳзықәгәыӷуа рҿиаҩуп.
Уи 2016 шықәсазы Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ аҿы лҵара хыркәшаны, дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет "Аԥсуа бызшәеи алитературеи" азанааҭ ала. 2022 ш. қәҿиарала иреиҳау аҵараиурҭа далгеит. Аус луеит Даур Занҭариа иҩны-амузеи аҟны.
Раԥхьаӡа лажәеинраала акьыԥхь абеит Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә" аҟны. Лажәеинраалақәа анылахьеит ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра В. П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет иҭнажьуа аизга "Аԥсынгьери". Лпоезиатәи лпрозатәи рҿиамҭақәа кьыԥхьын иара убас ажурнал "Алашара" аҟны.
"Ашацкыра" иану ажәабжь "Ашлац налашәеит лыхцәы" алагамҭа мацара алагьы иубоит алитератор қәыԥш ииашаҵәҟьаны апрозаҿы аҳәатәы шлымоу: Ихааӡа иԥхон амра. Ашә аӷәарӷәал аартны даҽа дунеик ахь ашәхымс днымҩахыҵуашәа, аԥсшьарамшқәа шаалаулак, Аҟәантәи Тҟәарчалҟа ицоз автобус дынҭыҵны, лқыҭахь игаз амҩаду шьапыла днанылан лҿаалхон Аминаҭ. Абар, иацакәызшәа илгәалашәоит амедицинатә ҵараиурҭа данҭалаз, иахьа лҵара хыркәшан лқыҭа гәакьахь даауеит. Зџьабаа бзабаан изԥыларц, арбаӷь ҿнаҭаанӡа рмаӷра ахьхьадырҽуа, аӡыхь цқьа ахәашьра иазымԥшкәа иахьеиҵырхуа, аԥсҭазаара ахаҭаҵәҟьа ахьеилашуа… аброуп уи лҭынчра ахьылбоз. Илдыруан Аминаҭ, лҵара аҭалара аамҭа анааиз, ҿымҭ днаскьазгаз аблақәа, арахь лаара еснагь ишазыԥшыз. Акымзарак аҽамԥсахит арантәи данцаз аахыс. Амҩаду аганқәа рҿы ана-ара игылаз аҵлақәа ирықәтәан ишәаҳәоз аҵарақәагьы, ақыҭантәи аҿыц жәабжьқәа лзеиҭарҳәарц рҭахны, лаара иазыԥшны еиҭамҵыцшәагьы лбеит. Аха иабаҟаху, Наҭиеи Мзиеи реиԥш "алакәеиқәыршәаҩцәа" ахьыҟоу, иарбанзаалак ажәабжьк, иҿыцума- ижәытәума, аҵарақәа ракәым, ԥсы зхоу даҽаӡәгьы арҭ раԥхьа аҳәаха изҭагәышьода?!"
Абас ҳзыргәырӷьаз ари ашәҟәы бзиа хыркәшоуп алитератор қәыԥш, аҵарауаҩ Саида Ҳаџьымԥҳа "Ӡынран, аха хьҭацәамызт" захьӡу лажәабжь бзиа ала. Ажәабжь бзиа ҳәа иаҵшьны изысҳәо, шықәсқәак роуп иҵуа ари ажәабжь ажурнал "Алашара" ианыз аҿар рпрозатә ҩымҭақәа ирылыркааижьҭеи, уи апремиагьы иаԥсахеижьҭеи.
Саида Ҳаџьым 2007 шықәсазы далгеит А. Аршба ихьӡ зху Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратә школ, дагьҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ. 2012 ш. диплом ҟаԥшьыла лҵара хыркәшаны, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәшаҿы аспирантура дҭалеит. 2015 шықәсазы аспирантураҿы лҵара хлыркәшеит.
2012 ш. инаркны аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩыс. 2014 ш. аахыс – Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аредакциа-ҭыжьырҭатә ҟәша аусзуҩыс.
Аҩра далагеит 2009 ш. инаркны. Раԥхьаӡа лажәабжь кьаҿқәа агәылалеит аизга "Ашацкыра", уи ашьҭахь ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҟны икьыԥхьын.
Уажәшьҭа, алитератор қәыԥш лажәабжь "агьама-хаа" зеиԥшроу аабарц азы хәҭа ҳәыҷык ҳаԥхьап: "Шарԥазы иаадыртхьаз агәашәқәа рахь ахы рханы иаауан, аныҟәашәа ццакцәамызт, ҭынч, аҩныҟа, аԥшәма иҩнахьы…Ауаа ааира иалагаанӡа аԥсы дахьыкҿаз ауада арыцқьара дахьӡахьан, уантә дындәылҵны амардуан ӡык нықәҭәо, ҩымсагла ишықәылрыцқьаауаз, лхы данааҩаха, лылаԥш нақәшәеит. Уамашәа иҟан уи ааишьа. Дахьгылаз дзеиҭамҵӡеит. Ҵәыуара ҳәа ауаа ахьааиуа аҽы аужьны ашҭа иҭаҵаны ԥхашьаран. "Иҭалар, иҭцатәхоит", – аалгәахәт. Иара ҭынч агәашә инҭалеит. "Уаама, уаама?.. Уаргьы уҵәыуарц уаама?.." Хьӡык аманы лхаҿгьы инымхеит. Ҽы згымыз лабду игәараҭа, лаб иҩнра – иара ҵыхәтәантәиин. Уаанӡа иныҟәыргоз аҽқәа иреиԥшмызт. Ақәтәарагьы иазкымызт, аусурагьы иазкымызт, хақәиҭрак аман, абиԥарала иаауаз аҽыбӷаҟазара, аҽныҟәгара агәыбылра шмыӡыц аҳәарц азы иҟан. Иара аԥшәмаҵәҟьа дыҟанаҵ еиҳа ахылаԥшра аман, иара ахақәиҭра иаԥырхагамыз ахылаԥшра, аныҟәгара. Аԥшәма ишьҭахь иара идҳәалаз, игәыбылра зцыз, иԥшьаз акеиԥш иахәаԥшуан аҭаацәа".
Сара сгәаанагара ала, ҳазну ашықәс анҵәамҭазы, ҳаԥсуа доуҳатә культура иаланагалеит уаҩ дзеигәырӷьаша ашәҟәы бзиа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла абзоурала.