"Ашацкыра" иаԥылаз ҳҿар!: алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟә ҿыц иазкны
13:33 09.11.2024 (ирҿыцуп: 15:03 09.11.2024)
© Foto / Анатолий Лагулаа"Ашацкыра"
© Foto / Анатолий Лагулаа
Анапаҵаҩра
Ааигәа иҭыҵит аԥсуа литераторцәа ҿарацәа ражәеинраалақәеи ражәабжьқәеи еидызкыло "Ашацкыра" захьӡу ашәҟәы. Ари ашәҟәы аредколлегиа иалоу, ажурнал алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа ахҳәаа ҳадигалоит иахьатәи ианҵамҭаҿы.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭнажьит алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы "Ашацкыра". Ашәҟәы еиқәлыршәеит З.Ҭҳаиҵыкәԥҳа. Аредколлегиа: Д. Габелиа, А. Лагәлаа, Д. Наҷҟьебиа, Г. Сақаниа, З. Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла инанагӡо аус хадақәа раԥхьа игылан, иахьагьы игылоуп алитературахь зшьаҿа еихызго аҿар аус рыдулара, рҩымҭақәа ркьыԥхьра, амҩа иаша рықәҵара. Сара ибзиан исгәалашәоит, 1978 шықәсазы сара сабиԥарагьы ҿыц аҩра ҳаналага, усҟангьы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы еиҿкааны иҟан алитераторцәа ҿарацәа аус рыдуларазы асеминар. Аԥсны ахи аҵыхәеи иҩуаз аҿар зегьы ҳаизганы иҳацәажәон ашәҟәыҩҩцәа, акритикцәа, ҳажәеинраала хәыҷқәеи ҳажәабжьқәеи еилдыргон, ирыгыз ирыбзаз ҳарҳәон, иреиӷьқәаз алԥшааны ажурналқәеи, агазеҭқәеи, аҿар ирызкыз ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи еидызкылоз ашәҟәы "Еиҵәаџьааи" ирнырҵон.
Иахьагьы убри атрадициа бзиа мырӡӡакәа иаанагоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла. Ҳаԥхьа иқәуп ааигәаӡа иҭыҵыз ашәҟәы "Ашацкыра". Уи ахьаауртуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҟанаҵаз ахҳәааҿы ҳаԥхьоит:
Аӡыхь еиԥш иныҵхәрааз абаҩхатәра ҿыцқәа
Акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! Ишәыдаагалоит алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аизга "Ашацкыра". Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥшьгарала 2009 шықәсазы ихацыркыз аизга сынтәа ԥшьынтәуп иҭыҵуеижьҭеи. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акьыԥхь ианылаз апоезиеи апрозеи ирыҵаркуа арҿиамҭақәа рахьтә иреиӷьу алԥшаауп. Аҭыжьымҭаҿы ицәыргоуп, уаанӡа ижәдыруаз реиԥш, ахьӡ ҿыцқәагьы. Аҩымҭақәа ҩаԥхьа аус рыдулоуп, жанрла еихшоуп, авторцәа рбиографиа кьаҿқәеи рфотосахьақәеи рыцҵоуп.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иааиԥмырҟьаӡакәа ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны имҩаԥнагоит алитературатә еиԥыларақәа, асеминарқәа, урҭ хықәкысгьы ирымоуп алитература иазҿлымҳау, зхатә ҩымҭақәа раԥҵараҿы зыҽԥызшәо, раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵо, абаҩхатәра злоу ралԥшаара, рхаҵгылара, рҩымҭақәа реилыргара, абжьагажәа рыгмырхара, убри ала амҩа иаша рықәҵара. 2018 шықәсазы иаԥшьган, иара убас, Аԥсны алитераторцәа ҿарацәа рсеминар амҩаԥгара. Аҿар рзы акрызҵазкуа аус аԥхьаҟагьы иацҵахоит".
"Апоезиа" аҟәшаҿы ашәҟәы аатуеит Каролина Быҭәԥҳа лажәеинраалақәа рыла. Иара убасгьы уаҟа ҳаԥхьоит алитератор қәыԥш иаазыркьаҿу лавтобиографиа, аԥхьаҩи лареи реибардырразы абраҟа иаагоит уи ахәҭаки икьаҿӡоу лажәеинраалаки:
Каролина Быҭәԥҳа 2006 шықәса раахыс аус луеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз инаркны. Лажәеинраалақәа акьыԥхь рбахьеит ажурналқәа: "Амцабз", "Алашара", "Аҟәа-Сухум", агазеҭ "Еҵәаџьаа" иара убас аҿар реизга "Ашацкыра" рҟны. Аицлабра "Акалам аԥышәара" аҿы иреиӷьу алирикатә ҩымҭа ҳәа иалкаан лажәеинраала, иагьланашьан еиҳау аҳаҭыртә хьӡы.
Сқәыԥшра хәыцра бӷьыцк ианысҵоит,
Сыԥшуеит саԥхьаҟа хара.
Сыԥсҭазаара унапы ианысҵоит,
Ҽазнык сашьҭоуп убара.
Ари сқьаад бӷьыц ԥшак иагаргьы,
Сажәеинраала абжьы нхап.
Нас уԥсҭазаараҿ сҟамларгьы,
Схәыцра ушалаз атәы аҳәап...
Араҟа иажәеинраалақәа кьыԥхьуп иара убасгьы аҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба.
Ажәеинраалақәа иҩуеит 2010 шықәса раахыс. Иҩымҭақәа рнылахьеит аизгақәа: "Ашацкыра", "Аԥсынгьери", ажурнал "Алашара", агазеҭқәа: "Еҵәаџьаа", "Агара", "Абазашҭа" (абаза газеҭ). Иҭыҵхьеит иажәеинраалақәа реизга "Сгәеисра саамҭа" (2015 ш.).
Абраҟа иаазгоит ашәҟәы иану алитератор қәыԥш иажәеинраалақәа руак:
Ашәҭ
(Амонолог)
Амра ца схагылоуп,
Исзымычҳауа сшуп…
Адәахьыҟа сҭагылоуп…
Ԥсеивгарак сазыԥшуп…
Сызҭагылоу иҭаԥсоу –
Нышә еиҟәыддыроуп…
Сиҳәоит Мчызмоу,
Сгәыӷуеит, идыдыроуп…
Макьана сабаҟоу,
Раԥхьатәи ахьаа…
Изҳәода ушԥаҟоу,
Изкыда сыгәхьаа…
Снаргон аҩныҟа,
Уаанӡа иразын…
Саныҟаз сышәҭышха,
Зегьы сырҭахын…
Ари аизгаҿы иара убасгьы иажәеинраалақәа ануп ажурналист-алитератор қәыԥш Адгәыр Гәынба.
Адгәыр Гәынба 2012 шықәсазы аусура далагеит Аԥсны аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра акорреспондентс, анаҩс – амҩаԥгаҩыс. 2020 шықәса инаркны напхгара азиуеит Аԥсуа радио.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит аԥшьбатәи акласс дантәаз инаркны. Урҭ акьыԥхь рбахьеит ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", аизга "Ашацкыра", агазеҭқәа: "Аԥсны", "Еҵәаџьаа", "Бзыԥ" уҳәа рҟны. Иҭыҵхьеит иажәеинраалақәа реизга "Ахраҿа" (2014 ш.).
Аҽышьҭа
Арма ыршәуа, арӷьа нкыло,
Иҭаӡом шьапышьҭа мчык.
Ашьахәҟәартәрақәа еихаҟәало,
Имца-ццышәха инеиуеит ҽык.
Абар, иалԥыҟҟа адашқәа,
Агәышԥсакьара – ашәах.
Ихнажәап угәахәып абаашқәа,
Аӷәра иаҳәоит аҟаҿы иах.
Уи абӷа даласоуп аҟаза,
Аԥыџь дҩахаӡеит ашькыл.
Ашьацқьа алаҵәҟьоуп – аԥыза,
Иаауеит актәи аҭыԥ нкыл.
"Анаџьалбеит, аҽы зтәыда?" –
Рхы неидкыла еизҵаауеит.
Бжьақәыргарада, ҟамчыда,
Ашьҭа ҭыцҟьааны иаауеит.
Уи еицаркырц аҽқәа иашьҭоу,
Ахьӡ-аԥша рызкәаҳаӡом…
Ихароуп уи амҩа злашьҭоу,
Гәашьамхыла изахьӡаӡом!
Асмаҭ Инаԥшьԥҳа 2008–2013 шш. рзы аҵара лҵон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет аҟны. Занааҭла дырҵаҩуп.
Аҩра далагеит ахәбатәи акласс аҿы дантәаз инаркны. Лажәеинраалақәа рнылахьеит ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", агазеҭ "Аԥсны", Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә", ахәыҷтәы газеҭ "Ажәҵыс" уҳәа. Абраҟа иаҳкьыԥхьуеит уи ашәҟәы иану лажәеинраалақәа руак:
Аҿыц ҳаигәырӷьоит иажәаанӡа.
Ашәҭыц цәыргаӡам ишәҭаанӡа.
Амза уашьҭамлан ихәлаанӡа.
Амца уабыллоит еиқәтәаанӡа.
Ҳрышьҭаз ҳгәыӷрақәа наӡаанӡа.
Ҳақәыз амҩа аҵыхәа ԥҵәаанӡа.
Аӡыхь иаҳжәуа ҭацәаанӡа,
Ахә ҳаздырӡом иҭабаанӡа.
Џьамбул Инџьгиа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп (2022 ш.).
Иажәеинраалақәа акьыԥхь рбахьеит аизга "Ашацкыреи" ажурнал "Алашареи" рҟны. Хазы иҭыҵхьеит иажәеинраалақәа реизга "Аԥсықәра", имонографиа "Аҩажәатәи ашәышықәса актәи ажәашықәса азы аԥсуа диаспора арепатриациа азҵаара".
Ажәҩан акәа
адаул бжьы ҭыҩит –
Ашәҭқәа ҟәашӡа икаԥсоит.
* * *
Шхырцәаӷьушәа ицҳауеит,
Еиқәарахоит снапы –
Ишԥахаау амаахыр.
* * *
Еилауаҭыруан аҷнышқәа…
Ашарԥаз,
Сышьҭақәа – грапарахеит.
Ҭамуна Кобахиа дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа, жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рзанааҭ ала. 2022 шықәсазы лҵара хлыркәшеит. Илоуит азанааҭ – арҿиаратә коллектив анапхгаҩы, арҵаҩы. Аус луеит Очамчыра еиҿкаау Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" аҟны.
Лажәеинраалақәа акьыԥхь рбахьеит ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҟны.
Дунеик ыҟазаргьы ахала,
Сықәыз уи сара.
Сгәаҵа иҭоу цәанырра бжала,
Са сцалоит ԥхьаҟа.
Иҵәахны исымоу схьаақәа,
Исырбом аӡәгьы.
Ицаз аамҭа сазхәыцуеит,
Ичҳауа зегьы.
Мураҭ Қәычба 2018–2022 шш. рзы аҵара иҵон Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш-командаҟаҵаратә ҵараиурҭа аҟны.
Данхәыҷыз аахыс ажәеинраалақәа игәы рзыбылуеит, иҩымҭақәа рыхәҭак ажурнал "Алашара" аҟны икьыԥхьын.
Аҷнышқәа амшын ихтәалоу,
Рымҵәыжәҩақәа рыԥсы ддыршьоит.
Ушԥассиру, иагьшԥаунаало –
Аҟәа ухьӡ, сгәы иҭаԥхо.
Уара уԥшӡоуп, уара ушәҭуп,
Уара имԥсуа ашәҭ уаҩызоуп.
Уара есымша угәы аартуп,
Сара сзы еснагь уҷыдоуп.
Аҟәа ақалақь сзызгәакьоу,
Аҟәа ақалақь сзааӡаз,
Уара угәы – сара сахьизоуп,
Уара еснагь абас уԥшӡаз.
Хьыбла Хәарцкиа ажәеинраалақәа лыҩуеит 12 шықәса анылхыҵуаз аахыс. Лҩымҭақәа акьыԥхь рбахьеит ажурналқәа: "Амцабз", "Алашара", агазеҭ "Агара" рдаҟьақәа рҟны.
Ажәҩан мацәысрак аахылан,
Адыдбжьы нахнагеит адунеи.
Ԥсҭазаарак амҩа снанылан,
Уигьы хыбгалан имцеи…
Сышықәсқәа ԥхьа сынраԥысын,
Адгьыл хьшәашәа анырит сцәа-сжьы.
Саамҭа ахыцқәа ирҭарсны,
Аамҭа – ццышәны иснаҭеит сыԥсы
Викториа Хәырхәмал аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа акадрқәа рыҟәша деиҳабуп. Акарантинтә маҵзура аинспектор актәи акласс еиуоу акласстә чын лымоуп.
Лажәеинраалақәа анылахьеит алитературатә журнал "Алашара".
Сындәылҵуеит ашамҭаз уа уахь сеиханы,
Сузхәыцуеит есааира уара сузгәыкны,
Уаныҟам, са сыҟам, усызбом сызхара,
Схәыцрақәа урылоуп еснагь уцәқәырԥауа!
Суҿцәажәоит, слеиҩеиуеит сыгәҭыхақәа ҳәо,
Уаразаҵә иудыруеит сгәы зыҿҳәароу,
Уҭынчуп, уӷәӷәоуп, зынгьы уџьбароуп,
Иуеиӷьасшьо дсымам сара зегь акоуп!
Уссируп, ушаноуп, умчыдоуп зынгьы,
Уласра саццоит есааира саргьы!
( Иацу ыҟоуп)