Аԥсны

Акабельтә цәаҳәақәа ҩба блит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Акабельтә цәаҳәақәа ҩба ҿыблааит Аҟәа, уи иахҟьаны аҳҭнықалақь амҩадуқәа рыхәҭак фымцалашарада иҟан, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь афымцеихшарҭақәа русбарҭа анџьныр хада Алексеи Строчан.
Иара иажәақәа рыла, Аиааира апроспекти Ҷанба имҩаду рыда егьырахь ауааԥсыра алашара рыҭоуп.
Аҟазауаа аусура иаҿуп. Сааҭқәак рышьҭахь алашара зегьы ирыҭахоит иҳәеит Строчан.