АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Анхәа ақыҭа актәи аҭыԥ иаԥсахеит Лыхнашҭа имҩаԥгаз аҽаҩраныҳәа аҟны.
Аныҳәа мҩаԥган абҵарамза 3 рзы, сынтәа раԥхьаӡа акәны ҷыдала иаԥҵоу акомиссиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ақыҭақәа иалыркаауан.
"Анхәа ақыҭа ашҭа аиҿкаашьа аԥсуа итрадициа, икультура, инхашьа-инҵышьа акырӡа иазааигәан. Ақыҭа ахадеи аҭыԥҳацәеи рыԥсуа маҭәа рышәҵаны асасцәа ирԥылон, ицәыргақәҵаз амаҭәарқәа рҭоурых еиҭарҳәон", — иҳәеит акомиссиа аиҳабы Лавренти Гәбаз.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Дәрыԥшь ақыҭа, ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит Аҷандареи Бармышьи.
Аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит: актәи аҭыԥ азы – 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи азы Дәрыԥшь ақыҭа– 30 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ еиҩызшаз – 10-10 нызқь мааҭ.
Аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҿы традициала имҩаԥысуа Ҽаҩраҭагалан аныҳәа 1984 инаркны есышықәса имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион 22 қыҭа, Афон ҿыц, иара убас Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика аделегациа.