АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит аконституциатә закәан – "Ахырхарҭарацәатә комплексқәа рзинтә статус аиҿкааразы". Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Азакәан рыдыркылеит иахьа Жәлар Реизара адепутатцәа.
Азакәан инақәыршәаны, ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа ҳәа иԥхьаӡоуп еиуеиԥшым аҵакы змоу, уаҩ дзыҩнам ахыбрақәа налаҵаны, акы ма инеиҳаны инхарҭатәым ахыбрақәа. Урҭ рахь иаҵанакыр ауеит аофисқәа, ахәаахәҭратә, аспорттә, ацәыргақәҵатә, аҵаратә уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, апартаментқәеи асасааирҭақәеи аламҵакәа.
Арҭ ахыбрақәеи акомплексқәеи анхарҭатә хыбрақәа рыстатус ахь ишеибгоу ма хәҭа-хәҭала риагара азакәан ала азин ыҟам. Уи адагьы, анхарҭатә хыбрақәа ахырхарҭарацәа змоу акомплексқәа рахь риагара залшом.
Азакәан амч аиуеит ианыркьыԥхь инаркны.