Аԥсны

Аԥсны ААИ аиҳабы дазааҭгылеит Гәымсҭатәи ацҳаҟны иҟоу аҭагылазаашьа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 Sputnik. Гәымсҭатәи ацҳа аркуп, ауаажәларратә транспорт азгьы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
"Кәыдрытәи ацҳа аадыртижьҭеи сааҭк инеиҳаны иҵуеит. Уажәазы уа аныҟәара аартуп, амашьынақәа мҩасуеит. Гәымсҭатәи ацҳа азҵаара макьана иӡбам. Сара сгәанала, аиҿцәажәарақәа ҟалоит, амҩақәа аартхоит, ҳтәылауаа аиасра рылшоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҩӡба иажәқәа рыла, Гәымсҭатәи ацҳа инаркны Аҩада Ешыра иҟоу ААИ апост аҟынӡа амашьынақәа реишьҭагыла ҟалеит.
"Аҟәа аганахь ала агәаран рацәам, аҳҭнықалақь аҟынтәи Ешыраҟа аӡәгьы дцом", — ҳәа азгәеиҭеит иара.