АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа атәылаҿы ашәарҭадареи азакәан аҭышәынтәалареи рыхьчаразы ирымоу амчқәеи алшарақәеи азхоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Иара иҳәеит, иара идҵала Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо ауааԥсыра ишрацәажәаз, анаҩс урҭ Кәыдрытәи ацҳа шаадыртыз.
"Атәыла анапхгара амашьына мҩаду егьырҭ аҭыԥқәагьы раартразы аусурақәа мҩаԥыргоит. Уаанӡа иаанкылаз атәылауаа рганахьала азинхьчаратә усбарҭақәа агәаҭарақәа ирҿуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара, Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ҭынчрала рхы мҩаԥыргаларц, аичырчарақәа рҽырцәырыхьчаларц.