АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит Имам Шамиль имҩаду аҿы атрансформатор абжьысра иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҭашьақәыргыларатә цех аиҳабы Станислав Гәлиа.
"Иажәыз атрансформатор ықәганы даҽакала иҳаԥсахуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәлиа.
Иара иажәақәа рыла, аенергетикцәа ҩ-сааҭк рыла рус хдыркәшоит.