Аԥсны

Адунеизегьтәи Ақьиара амш азгәарҭеит Аԥсны ашколқәа рҿы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Адунеизегьтәи Ақьиара амш азгәарҭеит Аԥсны ашколқәа рҿы, имҩаԥыргоит "Ақьиара аурокқәа".
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы аусбарҭа Аппарат аусзуҩ Николь Шамԥҳа Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы згәабзиаратә лшарақәа ԥку ирызкыз аурок мҩаԥылгеит.
Азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аԥареизгарҭақәа шьақәдыргылеит, аҵаҩцәа аџьармыкьақәа мҩаԥыргоит, еиуеиԥшым анапҟазаратә умҭақәа, ашәырқәа, ахаамыхаақәа рҭиуеит. Еизырго аԥара зегьы афонд "Ашана" ахь идәықәҵахоит ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәрази егьырҭ агәыҳалалратә усқәеи рзы.
Абҵара 13 рзы иазгәарҭоит Адунеизегьтәи ақьиара амш. Иара аԥҵан 1998 шықәсазы Токио имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи ақьиараз аиҿкаара актәи аконференциаҿы.