Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны ақыҭа Ровнополь ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла архәҭақәа ахы иақәиҭыртәит ДЖәР аладатәи ахәҭаҿы иҟоу ақыҭа Ровнополь ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи рымчрақәа ааха рырҭеит арратә ҳаирбаӷәазақәа ринфраструктура, Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа рзы рхы иадырхәоз афымца ргыларақәа, иара убасгьы 139 раион рҿы аибашьцәеи аибашьыга техникеи.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит Франциа иҭрыжьыз авиациатә бомбақәа Hammer хԥа, аицҭырҟьаратә система ареактивтә хгәыәц HIMARS (ЕАА), аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 85.
Арратә операциа иалагазар иҭархоуп: 6478 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 35707 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 585 зенит-ракетатә комплекс, 19 188 танки акәылӡымашьынеи, 1 487 реактивтә система, 17 805 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 28 216 ак аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда.