АҞӘА, абҵарамза 14 - Sputnik. Ақалақьтә еизара аӡбарала Аҟәа ақалақь 2024 шықәсазтәи абиуџьет 32 миллион мааҭ ацҵоуп.
Ақалақь ахада Беслан Ешба ишазгәеиҭаз ала, амуниципалтә наплакы "Аӡыршьҭра" "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа иақәу 30 миллион мааҭ ауал ашәартә алшара амаӡам.
Афинанстә ҟәша аиҳабы Алхас Лагәлаа иажәақәа рыла, жәамз рзы абиуџьет аҟынтәи ахашәалахәы ашәахтә 747,3 миллион мааҭ ҟалеит, 597,2 миллион мааҭ ахьазгәаҭаз, иарбаз аасҭа 25% еиҳаны инагӡоуп.
Убри аҟнытә, "Аӡыршьҭра" иақәу ауал мацара ашәара акәым, еиуеиԥшым абиуџьеттә статиақәа рыҟәшақәа реизырҳарагьы алыршахоит иҳәеит Лагәлаа.
"Ҳара ҳашьцылахьеит апрофицит ақалақь аизҳаразы аныхра. Ҿырԥштәыс иаагозар аҩнқәа ирыҵарқуа ашҭақәа рырҽеира, аха иахьатәи аӡбамҭа ихымԥадатәиу шьаҿоуп. Аҵыхәтәантәи жәамз рыҩнуҵҟа мацара, "Аӡыршьҭра" иннахуа афымцамч ахәԥса ҿыцқәа рыла иахыԥхьаӡалан 55 миллион мааҭ инареиҳаны", — ҳәа азгәеиҭеит ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Аҟәа ахадара иҟанаҵаз ажәалагала уаанӡа абиуџьет, ашәахтәқәа, афинансқәа, аекономика рзы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа акомиссиа аилатәараҿы иҭырҵаахьан.
Адепутатцәа 2024 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет ахашәалахәы амҽхак шьақәдырӷәӷәеит 1,845 миллион мааҭ, ахарџьқәа рхыԥхьаӡара – 2,97 миллиард мааҭ.