Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, уи аҭышәныртәаларазы мҩақәас ирбо азы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны жәлар рпартиа ахантәаҩы Шамиль Аӡынбеи Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапати.
"Зегьы аполитикцәа роуп изхароу ҳәа аҳәара сазыразӡам, избанзар урҭ уахь иназго ажәлар роуп, бжьыҭарала акәымкәа бжьыҭиирала. Иҟаҵатәуи ҳәа ҳаналацәажәо иԥсахтәуп иахьатәи асистема. Ма даҽакы ҳхәыцроуп ҳаԥсабара иазааигәоу, аха ҳазхәыцроуп ҳабжаҟа иҟоу атәым милаҭқәа иҳаланхо ҳаԥсуара зцәа -зжьы иаламгьы ирыԥсыхәоу, шьагәыҭс аԥсуара ҟаҳҵар ҳҭахыми? Убри макьана иаҳхәыцаанӡа, иахьа ҳазҭагылоу адемократиатә система ҳамами, амчрақәа реиҩшара апринцип, убри аҵыхәанӡа инагатәуп. Аполитикцәа ииуеит апартиақәа рҿы, апартиатә еицлабраҟны. Иахьа аполитика ҳамаӡам. Иҳамоуп ҩ-мчык еибафуа. Аибафареи аполитикеи ари акакәӡам", - иҳәеит Аӡынба.
Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат ицәажәараҿы ҳԥеиԥш азы ашәара ааирԥшит, ажәлар рыҩнуҵҟа иҟоу иахьа аҭагылазаашьа инамаданы.
"Ҳазымхәыцӡакәа ҳаццакны ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, нас ҳаилагоит иаҳуа ҳзымдыруа… Иҳамоу анегатив зегьы аинтернет иҭаҳҵоит. Уаҵәы иҟало ҳаздырӡом, есқьынагьы аимак-аиҿак. Еилкаауп, амчрақәа мҩак алырхын иашоуп ҳәа иазхыцуеит, аоппозициагьы мҩак алырхын уи иашоуп ҳәа ихәыцуеит, аха аԥсадгьыл акоуп иҳамоу. Ҳазҵаарақәа рыӡбашьа системак, мҩак, регламентк ыҟазароуп. Амчра аҽаԥсахуеит, аха асистема ибжьысу, ибааԥсу аҽаԥсахӡом. Знык, ҩынтә, хынтә ҳацәцеит (аҭагылазаашьа уадаҩқәа рзы - аред.), аха уи иаанагаӡом ус есқьынагьы ҳәа... Сара сшәоит", - иҳәеит Ҳапат.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.