https://sputnik-abkhazia.info/20241114/aati-aashei-aynbei-apati-asny-auaazhlarra-politikat-agylazaasha-iazkny-1052850330.html
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аӡынбеи Ҳапати Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкны
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аӡынбеи Ҳапати Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, уи аҭышәныртәаларазы мҩақәас ирбо азы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит... 14.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-14T14:52+0300
2024-11-14T14:52+0300
2024-11-14T16:04+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0e/1052850963_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_3b3166544dd73624217fd07118c3b748.jpg
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аӡынбеи Ҳапати Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкны
Sputnik Аҧсны
Аҳәатәи аҳәашьеи: Аӡынбеи Ҳапати Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкны
Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, уи аҭышәныртәаларазы мҩақәас ирбо азы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны жәлар рпартиа ахантәаҩы Шамиль Аӡынбеи Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапати."Зегьы аполитикцәа роуп изхароу ҳәа аҳәара сазыразӡам, избанзар урҭ уахь иназго ажәлар роуп, бжьыҭарала акәымкәа бжьыҭиирала. Иҟаҵатәуи ҳәа ҳаналацәажәо иԥсахтәуп иахьатәи асистема. Ма даҽакы ҳхәыцроуп ҳаԥсабара иазааигәоу, аха ҳазхәыцроуп ҳабжаҟа иҟоу атәым милаҭқәа иҳаланхо ҳаԥсуара зцәа -зжьы иаламгьы ирыԥсыхәоу, шьагәыҭс аԥсуара ҟаҳҵар ҳҭахыми? Убри макьана иаҳхәыцаанӡа, иахьа ҳазҭагылоу адемократиатә система ҳамами, амчрақәа реиҩшара апринцип, убри аҵыхәанӡа инагатәуп. Аполитикцәа ииуеит апартиақәа рҿы, апартиатә еицлабраҟны. Иахьа аполитика ҳамаӡам. Иҳамоуп ҩ-мчык еибафуа. Аибафареи аполитикеи ари акакәӡам", - иҳәеит Аӡынба.Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат ицәажәараҿы ҳԥеиԥш азы ашәара ааирԥшит, ажәлар рыҩнуҵҟа иҟоу иахьа аҭагылазаашьа инамаданы."Ҳазымхәыцӡакәа ҳаццакны ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, нас ҳаилагоит иаҳуа ҳзымдыруа… Иҳамоу анегатив зегьы аинтернет иҭаҳҵоит. Уаҵәы иҟало ҳаздырӡом, есқьынагьы аимак-аиҿак. Еилкаауп, амчрақәа мҩак алырхын иашоуп ҳәа иазхыцуеит, аоппозициагьы мҩак алырхын уи иашоуп ҳәа ихәыцуеит, аха аԥсадгьыл акоуп иҳамоу. Ҳазҵаарақәа рыӡбашьа системак, мҩак, регламентк ыҟазароуп. Амчра аҽаԥсахуеит, аха асистема ибжьысу, ибааԥсу аҽаԥсахӡом. Знык, ҩынтә, хынтә ҳацәцеит (аҭагылазаашьа уадаҩқәа рзы - аред.), аха уи иаанагаӡом ус есқьынагьы ҳәа... Сара сшәоит", - иҳәеит Ҳапат.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/0e/1052850963_89:0:1226:853_1920x0_80_0_0_ceec1ed8785e058a314451f13c1457b1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа, уи аҭышәныртәаларазы мҩақәас ирбо азы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны жәлар рпартиа ахантәаҩы Шамиль Аӡынбеи Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапати.
"Зегьы аполитикцәа роуп изхароу ҳәа аҳәара сазыразӡам, избанзар урҭ уахь иназго ажәлар роуп, бжьыҭарала акәымкәа бжьыҭиирала. Иҟаҵатәуи ҳәа ҳаналацәажәо иԥсахтәуп иахьатәи асистема. Ма даҽакы ҳхәыцроуп ҳаԥсабара иазааигәоу, аха ҳазхәыцроуп ҳабжаҟа иҟоу атәым милаҭқәа иҳаланхо ҳаԥсуара зцәа -зжьы иаламгьы ирыԥсыхәоу, шьагәыҭс аԥсуара ҟаҳҵар ҳҭахыми? Убри макьана иаҳхәыцаанӡа, иахьа ҳазҭагылоу адемократиатә система ҳамами, амчрақәа реиҩшара апринцип, убри аҵыхәанӡа инагатәуп. Аполитикцәа ииуеит апартиақәа рҿы, апартиатә еицлабраҟны. Иахьа аполитика ҳамаӡам. Иҳамоуп ҩ-мчык еибафуа. Аибафареи аполитикеи ари акакәӡам", - иҳәеит Аӡынба.
Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат ицәажәараҿы ҳԥеиԥш азы ашәара ааирԥшит, ажәлар рыҩнуҵҟа иҟоу иахьа аҭагылазаашьа инамаданы.
"Ҳазымхәыцӡакәа ҳаццакны ашьаҿақәа ҟаҳҵоит, нас ҳаилагоит иаҳуа ҳзымдыруа… Иҳамоу анегатив зегьы аинтернет иҭаҳҵоит. Уаҵәы иҟало ҳаздырӡом, есқьынагьы аимак-аиҿак. Еилкаауп, амчрақәа мҩак алырхын иашоуп ҳәа иазхыцуеит, аоппозициагьы мҩак алырхын уи иашоуп ҳәа ихәыцуеит, аха аԥсадгьыл акоуп иҳамоу. Ҳазҵаарақәа рыӡбашьа системак, мҩак, регламентк ыҟазароуп. Амчра аҽаԥсахуеит, аха асистема ибжьысу, ибааԥсу аҽаԥсахӡом. Знык, ҩынтә, хынтә ҳацәцеит (аҭагылазаашьа уадаҩқәа рзы - аред.), аха уи иаанагаӡом ус есқьынагьы ҳәа... Сара сшәоит", - иҳәеит Ҳапат.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.