АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Анхацәа Ника Ткьебучааи Рамин Какәбааи Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭан аҳәынҭқарратә программа "Ақыҭанхамҩа аҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацитрустә шәырқәа рааӡара нап адыркит.
Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура излаанацҳаз ала, Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра урҭ ирырҭеит амандарина ашьапкьаҿ Ковано ҳәа изышьҭоу 1100 шьапы аиҭаҳатәи иахәҭоу амаҭәахәқәеи.
Ҩ-гектарк адгьыл заа ирмазеины иҟарҵахьан, анхацәа аусзуҩцәа адԥхьаланы амандарина еиҭаҳаны аанда ркит.
Рамин Какәбаа иажәақәа рыла, арҭ аусурақәа еиҿкаан 2021 шықәсазы, сынтәа ашәыр раԥхьатәи аҽаҩра ҟалеит.
"Ҳара еснагь ашәыршьапқәа ҳрыхылаԥшуеит, арҵәыгақәа раҳҭуит, иаҳхәшәтәуеит, иааиуа ашықәс азы аҽаҩра наӡа аҟалара ҳазԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ахықәкытә программа "Ақыҭанхамҩа аҿиара" 2021 шықәса инаркны аус ауеит. 2024 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы хықәкылатәи апрограмма анагӡаразы ишьақәырӷәӷәан 351 проект, урҭ ирықәхарџьын 130 млн мааҭ.