АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны 2021 шықәса инаркны 2024 шықәса рҟынӡа ахықәкытә программа "Ақыҭанхамҩа аҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны 376,6 миллион мааҭ зыхә наӡо 810 проект шьақәырӷәӷәан.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа агазеҭ "Республика Абхазия" иеиҭаз аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз ала 2021 – 2023шықәсқәа рзтәи апрограмма анагӡара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 300 миллион мааҭ азоужьын, урҭ рҟынтә 292 миллион мааҭ ахархәара рыҭоуп.
Аԥаразоужьра мҩаԥгоуп:
аҵиаақәа рыхьчаразы ахимиатә маҭәахәқәа, атехниказ ацхыраагӡатә хәҭақәа, аиҭаҳатәқәа, ашәыр рҩа, аџемқәа, аӡыхаақәа, ачаи, аџьыка, аҩы, араса раалыҵ азы ахархәагақәа раахәараз;
Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәа рҿы акапиталтә хыбрақәа рыргылара;
636 хы арахәи аԥсасеи, 370 шьхымза - ашьха ҭаацәарақәа рҭаны, 8,6 нызқь аԥсаатә раахәараз;
быжь-ԥсыӡааӡарҭатә нхамҩа еиҿкаауп;
155,7 гектар ақәаарыхратә дгьыл ҿыцқәа ахархәарахь ирыҭоуп;
118 гектар шықәсырацәалатә баҳча еиҵыхуп;
680 усуратә ҭыԥ ҿыц аԥҵоуп.