Аԥсны

Апарламент аҟны аинвестициатә усуразы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иахәаԥшуеит

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын жьҭаара 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵарамза 15 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара асессиа иалагеит.
Адепутатцәа ирыхәаԥшраны иҟоуп азҵаарақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп жьҭаарамза 30 рзы анапы зҵаҩыз аинвестициатә усуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара.
Аоппозициатә мчрақәа Апарламент ааигәара амшынԥшаҳәаҿы рҽеизыргоит аҿагыларатә акциа амҩаԥгаразы. Дара аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иақәшаҳаҭым.
Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рӷәӷәоуп. Аиҳабыратә хыбрақәа рыҩналарҭақәа рахь арратә машьынақәа ргылоуп, азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҷаԥшьоит.