АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата ааԥхьара ҟанаҵеит атәыла анапхгареи аоппозициеи аимак аӡбаразы аиҿцәажәара мҩаԥыргарц.
Ааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп ажәлари ареспубликеи рлахьынҵазы аҩ-ганкгьы аҭакԥхықәра шрыду, убри аҟнытә иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа ишазырхынҳәтәу.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанԥҵареи инарықәыршәаны хара имгакәа ахада иалхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара шыԥҵәатәу ҳасаб азуны, ҳара иахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русуреи аполитикатә диалоги реиҭахацыркра", — аҳәоит ааԥхьара атекст.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа еицәахеит аинвестусмҩаԥгатәқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵааразы Апарламент аилатәара анахырга ашьҭахь.
Аҿагыларатә акциа алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада инапынҵақәа рышьҭаҵареи аҽҳәараиаанӡа алхрақәа рымҩаԥгареи.