Аԥсны

Аԥсны уаанӡатәи ԥшьсааҭк ҳәа аамҭа-аамҭала алашара арцәарахь ииасит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аԥсны уаанӡеиԥш ԥшьсааҭк аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
Ари зыбзоурахаз ақәоурақәа рышьҭахь Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара иахьацлаз ауп. Џьынџьал ауаа ргәы рҽаниҵоит арцәарақәа раамҭа есыҽны ирыԥсахлар шалшо, аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара зеиԥшрахо еиԥш.
Абҵарамза 13 рзы, аӡы аҩаӡара 410 метра рҟынӡа иахьылаҟәцәьахаз иахҟьаны, абҵарамза 1 инаркны иалагалаз аамҭеихша аиҭакрақәа алагалатәхеит. Ҽынла Егры инаркны Аҟәа агәаҟынӡа ишьҭоу аҵакыраҿы алашара даҽа сааҭк иацҵаны идырцәон.