АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аслан Бжьаниа ахада иалхра ҿыцқәа раан икандидатура ақәыргылара дазхиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
"2014 шықәсазы иҟалаз асценари (2014 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны, атәыла ахада Александр Анқәаб иҭакԥхықәра аанижьит, азгә.) еиҭаҟалаӡом. Аҳәынҭқарра ахада иҭакԥхықәра ааныжьразы изакәантәым аӡбара рыдыркыларц азы адепутатцәа рҟны ақәыӷәӷәара ду ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Инаҵшьны иазгәеиҭеит, аиҳабыратә хыбрақәа аанкыланы измоу аҿагылаҩцәа дәылҵыр, ԥхьатәара дышцо, атәыла аамҭала напхгара шаиҭало атҽыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Иахьатәи процессқәа азинтә мҩахьы иаҳмыргьежьыр, ҳҳәынҭқарра аиқәырхара цәгьахоит", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Иара убас, аиԥылараҿ дықәгылеит Апарламент адепутат Леонид Лакербаиа, иҳәеит иҟалаз аԥсуа ҳәынҭқарразы акрызҵазкуа шхҭыс ӷәӷәахаз.
"Ҳакәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, ҳазҭагылоу аамҭа ҳазхәыцны ҳахәаԥшуазар, иахьа иҳамоу Аԥсны агәаӷ змоу изы иҳамҭа бзиоуп", — иҳәеит иара.