Аԥсны

Аԥсны анапхгареи аоппозициатә мчқәеи реилацәажәара атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аԥсны анапхгареи аоппозициатә мчқәеи реилацәажәара атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуеит, абри атәы иҳәеит аоппозициа акоординациатә хеилак алахәыла Адгәыр Арӡынба.
Аԥсны анапхгара рҟынтәи аилацәажәара иалахәуп — ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа, Аҳазалхратә еилакы анапхгаҩы Оҭар Хьециа.
Аоппозициа ахьӡала — "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа, ахьыԥшымра ахьчаразы аилак ахантәаҩы Леуан Миқаа.