АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Лакоба имҩаҟны иҟоу Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахыбрахь аӡәгьы днарышьҭӡом.
Аԥсны акультура аминистрра Sputnik ишазеиҭанаҳәаз ала, аусбарҭа аппарат хада инахараны аус ауеит. Иазгәаҭаз акультуратә уснагӡатәқәа зегьы аамҭала иахыгоуп, урҭ анымҩаԥырго арыцхәқәа еилкаам. Акультуратә ҵараиурҭақәа аус шыруц ируеит.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра иахьа аус ауӡом, аха акыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа шымҩаԥысуа хылаԥшра анаҭоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирҳәеит иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны ашәахьа ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Аекономикеи афинансқәеи рминистррақәа рҟынтәи иҟоу аҭагылазаашьа еилкаам.
Уи аамҭазы Ажәанба имҩаҟны иҟоу Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусбарҭақәа русзуҩцәа русурҭатә ҭыԥқәа рҟны иҟоуп.
Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура Sputnik ишазеиҭанаҳәаз ала, ԥсшьара иҟоуи ичмазаҩи рыда аусзуҩцәа зегьы рнапынҵақәа нарыгӡоит. Аусбарҭа аусура аӡәгьы даԥырхагам.
Аиустициа аминистрра аусзуҩцәагьы аусураҿы иҟоуп. Ҭынҷроуп ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.