АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ахархәарахь ирыҭахоит 2025 шықәса аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аламҭалазы ҳәа иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Москва имҩаԥысуаз Атранспорт амчыбжь аҿы аҳаирбаӷәаза амакет ӡырган.
Аҳаирбаӷәаза аартра ареспубликазы ихҭыс дууп, уи Аԥсны аекономикатә ҿиареи, аҳәаанырцәтәи ахьӡи, аагәазҭаҵареи рнаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Кәыҵниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳаирбаӷәаза ахыбра здаҟамоуп, иаакәыршаны иҟоу аԥсабара иақәшәоит, асасцәа рхы иадырхәар ауа аплиажгьы ахархәара аҭахоит ҳәа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аԥсны анапхгареи аилахәыра "Инфраструктурное Развитие" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит жьҭаара 23 2023 шықәсазы. Аргыларақәа хыркәшахоит ԥхынҷкәынмза 2024 шықәсазы.