Валери Бганба диит цәыббра 26, 1953 шықәса рзы Гагра араион Бзыԥ ақыҭан.
1969 шықәса рзы далгеит Бзыԥтәи абжьаратә школ №1.
1971 шықәса рзы Ҟәбинатәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит, далгеит 1976 шықәса рзы.
1976 — 1978 шш. рзы – Чечниа-Ингуштәи АССР асовхоз "Гардалинский" агроном.
1978-1979шш. – Гагратәи ақалақьтә нагӡком ақыҭанхамҩа аусбарҭа агроном.
1979-1982шш. – Гагратәи акомҿареидгыла ақалақьтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ.
1982ш. рзы – Гагра КПСС ақалақьтә комитет ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.
1989ш. рзы – Гагратәи агроааглыхратә усбарҭа аиҳабы.
1991 шықәсазы Валери Бганба Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет адепутатс далхын.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ақалақьи араиони рыхьчаразы аштаб далахәылан.
1998ш. рзы – Гагра араион аизара ахантәаҩы.
2002 — 2006 шш. рзы – Гагра араион Ахада.
2006 - 2007 шш. рзы — асанатори СП "Амра-Интернешнл" адиректор.
2007 — 2012 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат.
2012 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аиҳабы.
2014 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡон.
Цәыббра 18, 2018 шықәса рзы Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵоуп.
Ажьырныҳәа 13, 2020 шықәса рзы Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара данца ашьҭахь, Аԥсны ахада инапынҵақәа наигӡоит.
Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара (2011). Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи драбуп.