Аԥсны

Ҳапат еиҭеиҳәеит аполитикатә кризисқәа рҭышәныртәаларазы Ауаажәларратә палата аус шауа

Sputnik
Ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш, алахьынҵа, аҩнуҵҟатәи аусқәа ҳара ҳахшыҩ еилаҵаны иҳаӡбароуп, даҽаӡәы иус алаиҵар — аус бжьнахоит, убри аҟынӡа ҳамнеироуп ҳәа агәаанагара имоуп Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.
Арадио Sputnik аҟны Ҳапат еиҭеиҳәеит ауаажәларратә палата институтк аҳасабала иамчу, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы инанагӡо аусқәа ртәы.
"Ҳҳәынҭқарра иаԥырхагоу аусқәа ҳара иҳаӡбароуп, ачҳара ааҳарԥшыроуп, ус ада мҩа збаӡом. Аоппозициа датәуп, амчра датәуп ҳәа еилых ҟамҵакәа ҳаизыӡырҩлароуп", — иҳәеит иара.
Аконституциатә реформақәа ртәы дазааҭгыло ауаажәларратә палата лахәыла иазгәеиҭеит, урҭ иахьа инаркны ишалагатәу, аиҭакрақәа ишраамҭоу.
Амчреи, аоппозициеи, ажәлари аимадара рымазароуп ҳәа агәаанагара имоуп Ҳапат.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.