Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҵакыраҿы аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала украинатәи адронқәа 44 ҭадырхеит

Киев иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла ааҵакыраҿы аргыларақәа рыжәлараз аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 44 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иахатәи аҵх азы киевтәи арежим аԥырҩы ҭызҭам ахархәагақәа рыла, Урыстәыла арегионқәа рҟны атеррористә жәыларақәа рымҩаԥгара зҽазызшәаз 44 дрон ҭадырхеит Урыстәыла аҳауахьчаратә системақәа", - ҳәа аҳәоит акьыԥхь аҟны.
20 дрон ҭархан Новгородтәи аобласт аҵакыраҟны; хәба — Курсктәи аобласт аҟны, ԥшьба– Орловтәи.
Хԥа-хԥа Белгород, Тула, Твертәи аобластқәа рҿы, ҩба-ҩба — Бриансктәи, Москватәи, Смоленсктәи аобластқәа рҿы.