Аԥсны

Аԥсны аԥсаҵлақәа закәандарала рыԥҟара аԥдырҟәҟәаалоит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Аԥсны аԥсаҵлақәа закәандарала рыԥҟара аԥдырҟәҟәаалоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Абнатә нхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭа анџьныр Лана Сыҷынааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсаҵлақәа хыршьаар ахьауа аҭыԥқәа маҷымкәа иҟоуп – урҭ иреиуоуп Хыԥсҭатәи, Блабырхәа-Ааԥсҭатәи, Афонҿыцтәи абнахылаԥшырҭақәа, Мамзышьха, Аибӷа, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсаррақәа, Гәдоуҭа, Гагра, Каман, Гәылрыԥшь абнааӡарҭақәа.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы, абнахьчаҩцәа атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәеи рыцны аҷаԥшьарақәа еиҳа ирӷәӷәаны имҩаԥыргоит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы ашлагбаумқәа шьақәдыргылоит.
Сыҷынааԥҳа лажәақәа рыла, изакәанымкәа иԥҟоу аҵлақәа аџьармыкьақәа рҿы, мамзаргьы ареспубликатә мҩаду инаваршәны, Урыстәылантәи иаагоуп ҳәа ҳәаны, ирҭиуеит. Аҭиҩцәа уи азы иахәҭоу ашәҟәқәа рымамзар, ахараԥса ддыршәоит. Зны-зынла, ааха ду ҟарҵазар, ашьаус аартхар алшоит.