АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Ацқьа Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩхәҭа Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ҳамҭас иаҭоуп.
Аусмҩаԥгатә Аҟәатәи Акафедралтә уахәама ду аҿы имҩаԥысит.
"Иоанн Ахьҿы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа дгьыл аҿы, анышәгьы абра дамардеит. Аха нас, иԥсыбаҩ араантәи иқәган. Иахьа иԥсыбаҩхәҭа ҳзааргеит, ара иҟазаауеит, уажәшьҭа дарбанызаалак изҭаху ирылшоит рхы адырҵарц", — иҳәеит аԥшьаҩ Давид Ӷәазаа.
Аԥсыбаҩхәҭа Аԥсныҟа иааигеит ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба.