АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә клуб аартхоит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Диана Ԥачалиаԥҳа.
Аклуб ахықәкы хадоуп ахәыҷқәа аԥсабара абзиабара рылааӡара.
"Ари аидеиа ҳазцәырҵеижьҭеи кыр ҵуан, аха анагӡаразы аҭагылазаашьақәа ыҟамызт. Уи аԥхьа ҳара ашколқәа ҳарҭаауан, ахәыҷқәа ҳрыҿцәажәон, уи уамак иманшәаламызт. Уажәшьҭа ахәыҷқәа ааҳаԥхьар ахьҳалшо ахыбра ҳамоуп", — лхәеит лара.
Аклуб азы аҳәырԥсарра аусбарҭа ахыбраҟны ауада азалхуп. Уажәы агәыԥ аидкылара иаҿуп.
Аекологиатә клуб макьана имҩаԥыргалоит ҩыџьа — аҳәырԥсарра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Сабина Лободеи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Диана Ԥачалиаԥҳаи.