АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа рыплан 3% рыла инацны инагӡоуп. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы анапхгаҩы и.н. Оҭар Хьециа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба имҩаԥигоз аилатәараҟны.
Абҵарамза 22 рзы иҟоу адыррақәа рыла Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа раҳасабала 3,6 млн мааҭ ахыԥхьаӡалоуп.
Хьециа иажәақәа рыла, аҳәаа иахыгоу амандарина быжь-нызқь тоннак еиҳауп, ари ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа ҩ-нызқь тонна рыла еиҳауп.