Арадио

Тәанба Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбразы: ашықәс нҵәаанӡа ихыбхоит

Sputnik
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аихатә хыбеибаркыра ашьақәыргылара хыркәшоуп. Ахыбра аремонт-ргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилакы "Аԥсныргылара". Иахьазы имҩаԥыргахьо аусурақәеи, аҭоурых-культуратә баҟа аиҭашьақәыргылара аус аҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәеи акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, “Аԥсныргалара” адиректор хада Руслан Тәанба.
Аихатә хыбеибаркыра аҟаҵаразы, аихабетонтә маҟа ҭарҭәан. Аибаркыра ашәыга бзиала ишәны, афенара ақәҵаразы аусура ирылагоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Тәанба. Ахыб ахаҭа ҭанақьыла иқәҵахоит. Ашықәс аанҵәанӡа аусура нагӡахоит ахыб аганахьала, ҳәа иҳәеит "Аԥсныргылара" аиҳабы.
Тәанба иажәақәа рыла акапиталтә ремонт хацыркхоит иааиуа ашықәс азы, уигьы ҩымз-хымз рыла ихыркәшахоит, иҳәеит иара.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу ахыбра амца акит жәабран 21 азы. Аҩбатәи аихагылаҿы Амилаҭтә галереиа афонд иатәыз 4000 инарзынаԥшуа асахьа ҵәахын, урҭ рҟынтәи реиқәырхара алшеит 200 сахьа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.