https://sputnik-abkhazia.info/20241122/tanba-asakhaykhytsa-reidgyla-akhybrazy-ashys-naana-ikhybkhoit-1052951462.html
Тәанба Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбразы: ашықәс нҵәаанӡа ихыбхоит
Тәанба Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбразы: ашықәс нҵәаанӡа ихыбхоит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аихатә хыбеибаркыра ашьақәыргылара хыркәшоуп. Ахыбра аремонт-ргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилакы... 22.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-22T15:50+0300
2024-11-22T15:50+0300
2024-11-22T15:50+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/16/1052951296_0:26:3067:1751_1920x0_80_0_0_48a9a48a164ac895ae1dba4ad8305beb.jpg
Тәанба Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбразы:
Sputnik Аҧсны
Тәанба Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбразы:
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аихатә хыбеибаркыра ашьақәыргылара хыркәшоуп. Ахыбра аремонт-ргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилакы "Аԥсныргылара". Иахьазы имҩаԥыргахьо аусурақәеи, аҭоурых-культуратә баҟа аиҭашьақәыргылара аус аҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәеи акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, “Аԥсныргалара” адиректор хада Руслан Тәанба.Аихатә хыбеибаркыра аҟаҵаразы, аихабетонтә маҟа ҭарҭәан. Аибаркыра ашәыга бзиала ишәны, афенара ақәҵаразы аусура ирылагоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Тәанба. Ахыб ахаҭа ҭанақьыла иқәҵахоит. Ашықәс аанҵәанӡа аусура нагӡахоит ахыб аганахьала, ҳәа иҳәеит "Аԥсныргылара" аиҳабы.Тәанба иажәақәа рыла акапиталтә ремонт хацыркхоит иааиуа ашықәс азы, уигьы ҩымз-хымз рыла ихыркәшахоит, иҳәеит иара.Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу ахыбра амца акит жәабран 21 азы. Аҩбатәи аихагылаҿы Амилаҭтә галереиа афонд иатәыз 4000 инарзынаԥшуа асахьа ҵәахын, урҭ рҟынтәи реиқәырхара алшеит 200 сахьа.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0b/16/1052951296_209:0:2938:2047_1920x0_80_0_0_ec65684542835986243fdfbfe84c9445.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра аихатә хыбеибаркыра ашьақәыргылара хыркәшоуп. Ахыбра аремонт-ргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилакы "Аԥсныргылара". Иахьазы имҩаԥыргахьо аусурақәеи, аҭоурых-культуратә баҟа аиҭашьақәыргылара аус аҟны ицәырҵуа ауадаҩрақәеи акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, “Аԥсныргалара” адиректор хада Руслан Тәанба.
Аихатә хыбеибаркыра аҟаҵаразы, аихабетонтә маҟа ҭарҭәан. Аибаркыра ашәыга бзиала ишәны, афенара ақәҵаразы аусура ирылагоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Тәанба. Ахыб ахаҭа ҭанақьыла иқәҵахоит. Ашықәс аанҵәанӡа аусура нагӡахоит ахыб аганахьала, ҳәа иҳәеит "Аԥсныргылара" аиҳабы.
Тәанба иажәақәа рыла акапиталтә ремонт хацыркхоит иааиуа ашықәс азы, уигьы ҩымз-хымз рыла ихыркәшахоит, иҳәеит иара.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу ахыбра амца акит жәабран 21 азы. Аҩбатәи аихагылаҿы Амилаҭтә галереиа афонд иатәыз 4000 инарзынаԥшуа асахьа ҵәахын, урҭ рҟынтәи реиқәырхара алшеит 200 сахьа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.