АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥснытәи аҳақьымцәа хара имгакәан, раԥхьаӡа акәны акардиостимулиатор ашьақәыргыларазы аԥҟара мҩаԥыргараны иҟоуп. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Быҭәба иажәақәа рыла, ас еиԥш амедицинатә ԥҟарақәа ҳтәылаҿы аӡәгьы имҩаԥиамгаӡацт. Ачымазаҩ данҭышәантәалахалак ашьҭахь, Урыстәылатәи аклиникақәа рахь ддәықәырҵоит ахирургиатә усмҩаԥгатәқәа рзы.
Иара иазгәеиҭеит, аԥснытәи аҳақьымцәа иааиԥмырҟьаӡакәа иҿыцу ахәшәтәратә метод ҿыцқәа рҵара ишаҿу, атәылаҿы иҷыдоу аԥҟарақәа шымҩаԥырго. Убри аҟнытә, зыгәчамах ааха ӷәӷәа зауз ачымазцәа ргәаҭаразы аппаратқәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ареспубликахь иаагахоит.
"Агәчамах ааха даара ишәарҭоуп, уи аԥҟара – еиҳау ҟазароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит, Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәылеи дареи русеицура арҭбаараз аусурақәа ишрыцнаҵо, агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿы хра зҵоу азҵаарақәа рыӡбоит урыстәылатәи рколлегацәа рыбзоурала.
Иаагозар, ашьада арентгенологиатә ҭҵааразы амаруга ангиограф Аԥсныҟа аагаразы аилацәажәара мҩаԥысуеит. Иара 90 миллион мааҭ иаԥсоуп. Амаруга анаҩсгьы иаҭаххоит иазыҟаҵоу аҟазацәа, аԥҟаратә гәыԥ.
Уи адагьы, аԥснытәи аҳақьымцәа алшара рымоуп Москваҟа ацара аԥышәа аимдареи, рҟазара аизырҳареи, атехника ҿыцқәа рыҭҵаареи рзы.