Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит абҵара 26 рзы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik. Уаҵәы асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа Аҟәа аиҳарак ӡыда иаанхоит Лакоба имҩаҟны аҭыџь ӡымҩангага аремонт ахьыҟаҵатәхаз иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы ҟалаӡом абарҭ араионқәа рҟны: Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, авокзал араион, Алашарбага, ашьхара иахьаԥнуи ақалақь агәи, ВИЕМ.