АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik. Аԥсны Аконституциа ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра иазку I Аԥсны азиндырратә мчыбжь мҩаԥысуеит Аҟәа.
Ареспублика Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, Аконституциатә ӡбарҭеи Аԥснытәи ателехәаԥшреи ареспублика Аконституциа адкылара аҭоурых иазку адокументалтә фильм аԥырҵеит.
Аконституциа атәылаҿы аҳәынҭқарратә мчра аиҿкааразы адемократиатә модель шьақәнаргылеит, амчрақәа реихшара апринцип ҳасаб азуны ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиаԥҳа.
"Аконституциатә ҳәынҭқарра аҟазаареи қәҿиарала аҿиареи алшоит аҳаҭыреиқәҵара ахьыҟоу ауаажәларраҿы, атәылауаа дара дареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рахьи аҳаҭырқәҵареи агәреибагареи ахьаадырԥшуа" , - азгәалҭеит Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы.
Иахьагьы уаҵәгьы имҩаԥысраны иҟоуп "Ауаажәларратә мчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа – 30 шықәса: алҵшәақәа, азҵаара ҿыцқәа, аҿиаратә лшарақәа" ртемала аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа.
Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа аконференциаҿы ажәахәқәа ҟарҵоит.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аконституциатә ӡбарҭа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи рыцхыраарала.
Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараҿы 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы.