АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Жьҭаарамза алагамҭа инаркны иахьанӡа Урыстәылаҟа идәықәҵоуп 9 нызқь тонна рҟынӡа амандарина ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Урыстәылатәи Афедералтә аҳазалхратә маҵзураҟны.
Уи иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭаз идәықәҵаз аасҭа 1,5 еиҳауп ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Ареспублика аҟынтәи иалыргоит егьырҭ ақыҭанхамҩатә аалыҵқәагьы — 700 тонна рҟынӡа афеихоа, 200 тонна ахәырма, 105 тонна алимон , 225 тонна араса.