АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ареспублика афымцамчла аиқәыршәара азҵаара иазкны аилатәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Уи иалахәын аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, Атәыла ахада иусбарҭа анаԥхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, аенергетикеи атранспорти рминистр и.н. Џьансыхә Нанба, афинансқәа рминистр и.н. Владимир Делба, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы и. н. Ҭемыр Џьынџьол.
Урыстәылантәи иаауа афымцамч ахә иахшәаау Аԥсны иҟоу афымцаз адефецит хнаҩуеит ахәашанӡа. Афымцамч аиуразы аҳәынҭқарра ахада и. н. Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит абиуџьет ныхтәқәа еиҭарыхәаԥшырцаз.
Убри аан, анапхгаратә усбарҭақәа ауал зқәу ауристтәхаҿқәа асанкциақәа рыдҟарҵалароуп, ареспубликатә унитартә наплакқәеи абиуџьет иаҵанамкуа афондқәеи, егьырҭ аиҿкааратә фондқәеи аԥара еидыркылароуп.
Уи адагьы Аԥсны аԥыза-министр и.н. Валери Бганба афинанстә цхыраара ахәҭак аиура иагхаз инамаданы Урыстәылатәи аган аҿы аицәажәарақәа мҩаԥигоит.