АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Курсктәи аобласт аҟнытәи гәыԥҩык ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи Аԥсны рыԥсы шьаны рыҩныҟақәа рахь ицеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.
Амҩа бзиа ҳәа раҳәан урҭ наскьеигеит аусбарҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа. Иара асасцәа аҭынч жәҩан рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит аиааира шхарам.
Украинатәи Арбџьармчқәа ааха зырҭаз Курсктәи аобласт аҟынтәи 15-ҩык ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ҩымчыбжь Аԥсны иҟан. Дара атәыла аҭыԥ ԥшӡаррақәа ирҭааит, аԥсуа жәлар ркультура деилдыркааит.