Аԥсны

"Литфонд" аҵакыраҟны иаартхоит агәабзиаразҩыдатәратә комплекс

Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Пицунда апансионат "Литфонд" аҵакыраҟны иаартхоит аа-еихагылак змоу агәабзиарахьчаратә комплекс ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аргылара иалагеит рашәарамза 2022 шықәсазы, аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны "Росатом" афинанстә цхыраара азыҟанаҵоит.
Ацентр ҳаамҭазтәи амедицинатә маругақәа рыла еиқәыршәахоит, МРТ, КТ, арентген, абальнеологиатәи аӡырԥхатә ваннақәеи рыла. Иара ҽнакала 250-ҩык рҟынӡа ачымазцәа рымаҵ аура алшоит, аԥсшьаҩцәа рымацара ракәымкәа, ареспублика ауааԥсырагьы.
"Арҭ амаругақәа алшара аԥырҵоит, уаанӡа Аԥсны иҟамыз амедицинатә маҵзурақәа рынагӡаразы. Ареспублика ауааԥсыра уаҳа Шәача, Краснодар, Москва ацара рықәшәаӡом", - ҳәа иҳәеит апансионат анаԥхгаҩы Анатоли Аҩӡба.
Анардадкыларатә-еиҿкаара ахаҭарнак Иракли Абакьелиа иажәақәа рыла, ацентр аҿы еиҳарак аус рулоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз аҭыԥантәи аҳақьымцәа.