Иааидкыланы ари асезон азы араион аҿы х-нызқьи 500 тонна амандарина иазыԥшуп. Еиҳарак уи анхацәа рҽаҩроуп, иҳәеит Шьониа. Сынтәа аԥсабаратә былрақәа ирхырҟьаны ацитрустә совнхара ааха ду аиуит, 50% рҽаҩра блит.
Гал араион агроном хада иажәақәа рыла, амандарина аҭиразы ауадаҩрақәа ыҟаӡам. Амашьына дуқәа рыла иааны иргоит, убри аан ахә 50 мааҭ еиҵаӡам.
"Хышықәса ирылагӡаны ацитрус еиҭазҳаз ауаа рхыԥхьаӡара иацлеит, аха еиҳарак еиҭарҳауа заа иҟало ауп. Хәышықәса рышьҭахь Аԥсны араионқәа зегь рахьынтә Гал амандарина аҽаҩра ахыԥхьаӡара аганахьала зегьы иреиҳахоит", - иҳәеит Шьониа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.