АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа афымцалашара азы ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа есыуаха 15 миллион мааҭ шәатәуп, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр и.н. Валери Бганба.
Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы афымца ахархәара еизҳаит миллионк кВт·ч рҟынӡа.
Абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы рызшәаразы ҩ-миллиардк мааҭ инеиҳаны иаҭахуп.
Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцамч ахә ахшәаауп ԥхынҷкәын ԥшьба рҟынӡа. Алашара арцәара аамҭеихша ԥшь-сааҭк шыҟац иҟоуп.