Аԥсны

Аԥсны Абанк агәаларшәагатә монета "Аԥсҳа Леон" ҭнажьит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны Абанк агәаларшәагатә монета "Аԥсҳа Леон" ҭнажьит.
5 аԥсарк ицо араӡын ԥара, зтираж 500 цыра иҟоу, ахархәара иалагеит. Иара агәҭаӡа 33 миллиметр иҟоуп, акапан – 17 грамм.
Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа ареверс аҿы аԥсҳа Леон исахьа ҭихит. Аԥара аверс аҿы – Аԥсны аҳра ахсаала, аҳҭнықалақьқәа "Анаҟәаԥиа", "Қәҭешь" рыхьыӡқәеи иаарту амаҿеи анҵаны.