АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Шьепкин ихьӡ зху атеатртә институт астудентцәеи РУСДРАМ актиорцәеи раԥхьаӡа акәны арежиссиортә лабораториа "Сандро" аҳәаақәа ирҭагӡаны асценахь еиццәырҵуеит. Арольқәа еихыршахьеит.
Сынтәа ԥшьҩык урыстәылатәи арежиссиорцәа аԥсуа литература аклассикцәа рҩымҭақәа рыла аспектакльқәа ықәдыргылараны иҟоуп:
Денис Хусниаров иалихит Џьума Аҳәба иажәабжь "Аҵыҵындра"
Ирина Кондрашова - "Амзаҿа ангыло" Шьалодиа Аџьынџьал
Андреи Сидельников – Фазиль Искандер иҩымҭа "Амшын азы ажәабжь"
Иван Риабенко Искандер иусумҭа "Ҭали – Чегемтәи аџьашьахәы" ақәыргылара далагоит.
РУСДРАМ адиректор хада иажәақәа рыла, ари алабораториа уникалуп раԥхьаӡа акәны аԥсуа авторцәа рымацарала иахьцәыргахо азы.
"Ара иҟоуп Фазиль Искандер, Џьума Аҳәба, Шьалодиа Аџьынџьал. Сгәанала ахьӡқәа ркомпозициа даара аинтерес аҵоуп. Арежиссиорцәа ракәзаргьы аԥышәа змоу роуп. Реиҳараҩык атеатрқәа рсахьаркыратә напхгаҩцәа роуп, иара убасгьы иреиӷьу ашколқәа ирылгаз, аԥышәа ду змоу роуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ԥхынҷкәын 7 рзы аԥшь-ескизкгьы ахәаԥшцәа ирыдгалахоит. Алабораториа аихшьаалақәа рыла, 2025 шықәсазы инаӡоу аспектакль аҳасабала иқәыргылахо аусумҭа алххоит.