АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи изакәанымкәа урыстәылауаҩ аҳәаа иахигоз аҳәаанырцәмашьына имырхит.
Амашьына уаанӡа Аԥсны атәылауаҩ Урыстәыла иалеигалахьан аҳазалхратә баџь ахымшәаакәа, хаҭалатәи ахархәаразы ҳәа. Аха амашьына аԥсҟы икын Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, Иаку аекономикатә ҵакыра азакәанқәа еилаго.
Ашьаус хацыркуп. Иааидкыланы ишәамыз аҳазалхратә баџьқәа 2,3 миллион мааҭ инареиҳаны иҟалеит. Амашьына иҷыдоу аргыларҭа ҭыԥ аҿы идыргылеит.