Аханатә аусура санеи астудиа хадаҿы иҟаз микрофонк акәын, анаҩс урҭ рхыԥхьаӡара иацлеит, иқәыргылан акамера авидербагақәа рыҟаҵаразы ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.
"Астудиа ҿыц аҟны 4-5-ҩык ауаа тәаны темак иалацәажәаратәы алшара ҟалоит. Х-камерак рыла аинтернет ахь ҳцәырҵлоит. Астудиа ахаҭагьы иаҳа иҭбаауп. Еиҿкаауп амузыкатә кәакь. Апульт рҿыцуп, уи ҳусура еиҳа еиӷьнатәуеит. Арҿиаратә усурагьы ацклаԥшра ҳҿаԥхьа дҵаны иқәҳаргылоит", - иҳәеит Гәынба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.