АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Урыстәылантәи иаауа афымцамч аанкылахар Аԥсны мышкы 16 сааҭ рҟынӡа фымцалашарада иаанхар алшоит ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, иахьа инаркны АҟәаГЕС иоунашьҭуа афымцамч зегьы Аԥсны азеиԥшенергетикатә системахь идәықәҵахоит.
"Уи ҳзеиԥш системахь быжь-мегаватт рҟынӡа аланагалоит. Урыстәылатәи афымцамч аанкылахар, х-миллион кВт-сааҭ ҟалоит, уи иахьазы ҳхы иаҳархәо ахԥатәи ахәҭоуп. ЕгрыГЕС аҿы мацара ҳаанхар, 7-8 сааҭ алашара ҳауеит. Егьи аамҭа зегьы фымцалашарада ҳаҟазаауеит", — иҳәеит Џьынџьал.
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша алагалоуп абҵарамза 1 инаркны, уахыки-ҽнаки рыла ауааԥсыра лашарада ԥшь-сааҭк иҟоуп.