АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара иацырҵоит ԥхынҷкәын 7 инаркны ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч".
Афымцамчи атранспорти рминистрра ишаҩуа ала, аамҭеихша еиҭакуп афымцамч ахархәара аоптимизациази фымцамчла аиқәыршәара аҭышәныртәаларази.
Арҭ аусмҩаԥгатәқәа ззырхоу афымцаҳақәа рыхьчареи афымцалашара аиԥҟаьара алмыршареи рзы.
Уаанӡа адырра ҟалахьан Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара ахә ԥхынҷкәын 7 рҟынӡа ишәоуп ҳәа.