АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Сергеи Лавров америкатәи ажурналист Такер Карлсон аинтервиу ииҭеит. Урыстәыла АдәА рминистр Москвеи Вашингтони реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылеит, иара убас еиҭеиҳәеит Урыстәыла Украина иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара изалагаә. Инарҭбааны РИА Новости аҟны.
"Орешник" аԥышәара ала иаҳҳәарц иаҳҭахыз ҳара ҳзакәантә интересқәа рыхьчаразы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп ҳәоуп, — иҳәеит Лавров, америкатәи ажурналист Такер Карлсон аинтервиу иҭо.
"Аха Лондони Бриуссели рҟны шьоукы аҭагылазаашьа ииашаны ахәшьара рзыҟаҵом, убри аҟнытә иахәҭоу алкаақәа рахь имнеир, ҳара ҳазхиоуп иҵегьы "адыррақәа" рышьҭра".
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиҳабы иҳәамҭақәа:
Мраҭашәаратәи атәылақәа гха дус ирымоу Урыстәыла ацәаҳәа ҟаԥшьқәа рыгәра ахьырымго ауп.
НАТО иаҳәо иалагеит, аблок ахьчаратә ҟазшьа шамоугьы, зны-зынла аԥхьа ааха ҟанаҵар ауеит ҳәа. Америкатәи Аидгыла астратегиатә напхгараҟаҵара ахаҭарнак, аконтр-адмирал Биукенен аҳәамҭа ҟаиҵеит иԥку аиадертә аахақәа реигәыдҵара алшар шауа.
Мраҭашәаратәи атәылақәа адунеи амаа шырку иаанхарц азы иқәԥоит. Ҳара ҳшәарҭадаратә интересқәа рзы ҳақәԥоит.
Аамҭақәак раԥхьа Џьон Кирби, аиадертә бџьар аус арӷыӷкреи ахархәареи рзы азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәеит америкаа уи шырҭахым, избанзар уа аиадертә елемент ыҟазар, европатәи ҳҩызцәа рзы ишәарҭоуп ҳәа.
Убас ала, иара Америкатәи Аидгыла ахаҭа шәарҭарак иақәшәоит ҳәа дазхәыцӡом. Ари аҭагылазаашьа уи маҷк еиҳа ишәарҭаны иҟанаҵоит. Иара аиааира агар, ихшыҩдароу ашьаҿақәа ҟаҵахар ҟалоит. Убри шәарҭоуп.
Карлсон: "Америкатәи аполитикцәа Еиду аштатқәа ирԥырхагамхартә аиадертә аахақәа реигәыдҵара алшоит ҳәа ирыԥхьаӡоит, уи иашаӡам ҳәа шәҳәарц шәҭахума?"
Лавров: "Ааи, абри ауп сара исҳәо. Аиадертә ҽынкылара аполитика аусхк аҟны аҟазауаа ибзианы ирдыруеит асеиԥш ахәмарра шшәарҭоу. Иԥку аиадертә аахақәа реигәыдҵараз ацәажәарақәа – ари рҽеишьа змам ахь амҩоуп. Уи ҳара иаҳҭахым".