Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит иҟалаз амашәыр иахҟьаны

Уи аԥхьа, ареспубликаҿы ф-сааҭктәи алашара арцәараз аамҭеихша аларгалахьан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит аҳаиртә фымцамҩангагатә цәаҳәа "Лыхны-1" аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура аҟнытә.
Иҟалаз аиԥҟьара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы афымцамч аусзуҩцәа аусура иаҿуп.