Аԥсны

Шамба: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистрра Шьамтәыла аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистрра Шьамтәыла аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит ҳәа иҳәеит аусбарҭа аиҳабы и.н Сергеи Шамба.
Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рҭыԥқәа рҿы иҟоуп, русурагьы иацырҵоит.
"Ҳара ҳаимадоуп, иацгьы ҳцҳаражәҳәаҩи сареи ҳаицәажәон. Аҭагылазаашьа уадаҩуп. Ҳгәыӷуеит еиӷьхоит ҳәа", — иҳәеит Шамба.
Иазгәеиҭеит, иаҭаххар адипломатцәа рҭаацәеи дареи атәыла аҟынтәи ишалыргуа.
Шьамтәылатәи арратә дҵаҟаҵара аҳәамҭа ҟанаҵеит, аҳҭнықалақь анҭыҵ архәҭақәа рҭыԥқәа шдырӷәӷәо атеррористцәа аҭагылазаашьа аҭышәнамартәаларазы рҽазышәарақәа ирыхҟьаны.
Хама, Хомс, Дара апровинциақәа рҟны аибашьра цоит, шәҩыла аибашьцәа ықәхуп.