Аԥсны

Аҟәа ақалақь апрокуратура ахәшьара анаҭоит аҭоурыхтә хыбра закәашьаҭада ақәгаразы

1914 шықәсазы аферментациатә зауад ахыбра иргылеит ааглыхҩы Иван Иахиопуло.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 Sputnik. Аҳҭнықалақь апрокуратура ахәшьара анаҭоит Аҟәа Аршба имҩаду аҿы игылаз аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәа арбгара ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа.
"Ақалақь ахадареи ҳареи ҳаимадоуп, даргьы ари азҵаара иазҿлымҳауп, рнапы иану аусшәҟәқәа зегьы еиқәдыршәоит. Ашәахьа ахәшьара аҳҭоит", — иҳәеит Агумава.
1914 шықәсазы иргылаз аферментациатә зауад ахыбра ақәгара иалагеит асабша, ԥхынҷкәын 7 рзы. Аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа иажәақәа рыла, ахыбра Аҵара аминистрра абаланс аҟны иҟан, хаҭалатәи ауаҩы изыхәҭоу аусбарҭақәа адырра рымҭакәа уи ақәгара далагеит.
Иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит изакәанымкәа ахыбра ақәгара ашәахьанӡа ишаанкылоу аус аилыргаразы. Аха, амҽыша ахыбра ақәгаразы аусурақәа ирыцҵоуп.
Аԥсны
Аҟәа аҭоурыхтә хыбра изакәанымкәан ақәгара рҽазыршәеит